Иракли Кобахиӡе – Аметаллургиатә зауад „Џьорџьиа металл“ иқәҿиароу ақырҭуа инвестициа аганахьала иҿырҧшыгоуп, уи аҭыҧантәи аџьармыкьа мацараҿ акәымкәа, жәларбжьаратәи аџьармыкьақәа рҿгьы аконкуренциа иазыхиоуп
Аметаллургиатә зауад „Џьорџьиа металл“ иқәҿиароу ақырҭуа инвестициа аганахьала иҿырҧшыгоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Зестафони, аметаллургиатә зауад аартра аофициалтә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.
Кобахиӡе иҳәамҭала, ари азауад даараӡа идууп, шықәсыкала уаҟа иҭрыжьуеит 400 000 тонна арматура, убри аҟынтә, ари азауад атәылаҿ идуӡӡоу аиндустриатә обиектқәа иреиуп.
„Иахьа ҳара аофициалла иааҳартуеит атәылаз зҵакы дуу аинвестициатә обиект. Аметаллургиатә зауад „Џьорџьиа металл“ иқәҿиароу ақырҭуа инвестициа аганахьала иҿырҧшыгоуп; ари азауад ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыла еибыҭоуп, араҟа апрофессионалцәа аус руеит. Аха, зегьы реиҳа ихадоу, евраопатәи астандартқәа ирышьашәалоу ахаҭабзиара еиқәыршәоуп, ари азауад аҭыҧантәи аџьармыкьа мацараҿ акәымкәа, жәларбжьаратәи аџьармыкьақәа рҿгьы аконкуренциа иазыхиоуп.
Ари азауад даараӡа идууп. Иахьа уи абара алшара ҳаман. Араҟа шықәсыкала иҭрыжьуеит 400 000 тонна арматура, убри аҟынтә, ари азауад атәылаҿ идуӡӡоу аиндустриатә обиектқәа иреиуп.
Ари аилахәыла астратегиатә ҵакы змоу амбициатә хықәкы амоуп: анеҩстәи аетапаз – аџьырҭаҭәарҭа аргылара ианалгалак, ари азауад ахаҭа аӡа аҟаҵара иалагоит, атәыла аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҿ арматуразы иҟоу аҳәарақәа зегьы нанагӡоит. Уи абзоурала, аҳәаанырцәынтә ари аалыҵ аагара аҭаххом, ақырҭуа аалыҵ аекспорттә џьармыкьашҟа анагаразы ашьаҭа ҕәҕәа аҧҵахоит, уи ҳтәыла аекономикатә суверинитет иаҳа арҕәҕәароуп иаанаго“, – иҳәеит аҧыза-министр.