Иракли Кобахиӡе Аинфраструктура аргылаҩцәа рассоциациа иалахәы аилахәырақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Аинфраструктура аргылаҩцәа рассоциациа иалахәы аилахәырақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, аинфраструктура аминистр  Реваз Сохаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании  Аинфраструктура аргылаҩцәа рассоциациа иалахәы аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ирҧылеит. 

Аиҧылара алахәылацәа абизнес аҿы иҟоу аҭахрақәеи ақырҭуа еилахәырақәа рыцхрааразы аиҳабыра имҩаҧыргараны иҟоу аусмҩаҧгатәқәеи ирылацәажәеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, апроектқәа рынагӡараан аҳәынҭқарратә интересқәа ихьчазарц азыҳәан, иара убас, абизнес иазыманшәалоу алагылазаашьа аиқәыршәаразы, аиҳабыра, еиҧҟьарада, абизнесхаҭарнакцәа рҟны аконсультациақәа мҩаҧыргоит, уи аиҳабыра рзы аҵакы ду амоуп. 

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡара ахаҭабзиара иадҳәалоу апроблемақәа. Ишазгәаҭаз ала, апроектқәа рынагӡараан ахадаратә ҵакы рымоуп иашьашәалоу астандартқәеи, ахаҭабзиареи, аҿҳәарақәеи рықәныҟәара, ари аганахьала акомпромисс зыҟалом. 

Аиҧылара алахәылацәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, абри аҩыза аконсультациақәа нагӡахоит, уи уажәазы иҟоу апрактика иаҳа аиҕьтәра иацхраауеит, иара убас, аҳәынҭқарра, ииашоу, аџьармыкьатә ахә ала, зхаҭабзиара ҳараку апроектқәа рымҩаҧгара алшоит.