Иракли Кобахиӡе - Аилахәыра „Тезер“ Қырҭтәыла аусура алагара афактгьы аанарҧшуеит анвесторцәа иаҳа-иаҳа ҳтәыла агәра шырго, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аилахәырақәа рзы игәрагоу апартниор шакәу
Аилахәыра „Тезер“ Қырҭтәыла аусура алагара афактгьы аанарҧшуеит анвесторцәа иаҳа-иаҳа ҳтәыла агәра шырго, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аилахәырақәа рзы игәрагоу апартниор шакәу, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Tether аинвестициатә проект аӡыргараҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ари аилахәыра еиуеиҧшым аусхкқәа аинвестициа дуқәа ралаҵара агәы иҭоуп, абри зегьы абизнесинтересқәа русхкы аҳәаақәа ирҭыҵуеит, ари аусеицура ауааҧсыра хырҳагара рзаагара иазкуп.
„Иахьа гәахәарала абри зҵакы дуу аусмҩаҧгатә аартра сҽаласырхәоит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп „Тезер“ аҟны аусеицура алагала ала, ҳара, ҳекономикатә аҿиара апроцессаҿ даараӡа зҵакы дуу, аинтерес ду зҵоу аинвестициатә шьаҿа ҿыц шыҟаҳҵо.
Аилахәыра „Тезер“ аглобалтә технологиатә лидеруп, уи 200 миллиард адоллар рыхә акциақәа амоуп, ахьы арезервқәа ирхылаҧшуеит, иахьазы ари аилахәыра атрадициатәи аҧхьаӡацтәи економикақәа рыбжьара ацҳа ҕәҕәас иҟалеит. Ҳара гәахәарала иазгәаҳҭар ҳҭахуп уажәшьҭа „Тезер“ ҳекономикатә екосистема ишалахәы.
Ари апартниорра амбициатә хықәкы амоуп, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра иҭнажьроуп ақырҭуа лари аҧхьаӡацтә аналог – џьиелт (GELt). Иара убас, гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп ари аилахәыла еиуеиҧшым аусхкқәа аинвестициа дуқәа ралаҵара агәы ишҭоу, ҷыдала ҳдыргәырҕьоит асоциалтәи аҵаратәи аусхкқәа ирыларҵо аинвестициақәа, уи алагьы иубарҭоуп ари аусеицура абизнесинтересқәа рҳәаақәа ишырҭыуа, ауааҧсыра хырҳагара рзаагарагьы ишазкәу.
Қырҭтәылаҿ абри аилахәыра аусура алагара афакт жәларбжьаратәи аинвестициатә дунеи азы ацҳамҭа бзиоуп. Ари афактгьы аанарҧшуеит анвесторцәа иаҳа-иаҳа ҳтәыла агәра шырго, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аилахәырақәа рзы игәрагоу апартниор шакәу, – иҳәеит аҧыза-министр.