Иракли Кобахиӡе -  Аибашьра ашәарҭара уажәгьы иҟоуп, Евроеидгыла атәылақәа рлидерцәа рриторика ҳәахәаҧшыр, аибашьра аҵыхәҧҵәара убарҭам, уи еиҳангьы, аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахарцаз ирылшо зегьы ҟарҵоит
Иракли Кобахиӡе -  Аибашьра ашәарҭара уажәгьы иҟоуп, Евроеидгыла атәылақәа рлидерцәа рриторика ҳәахәаҧшыр, аибашьра аҵыхәҧҵәара убарҭам, уи еиҳангьы, аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахарцаз ирылшо зегьы ҟарҵоит

 

«Аибашьра ашәарҭара уажәгьы иҟоуп, уи аилкааразы анализ ду аҟаҵара аҭахым.  «Аглобалтә аибашьра апартиа» украинатәи азҵаара Европа ахьынҳалара рҽазыркит Аибашьра ашәарҭара уажәгьы иҟоуп, убри ала, дара,  аамҭакала 2 хықәкык нарыгӡоит  — Европагьы Урыстәылагьы дырбгоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе анапхгаратә партиа аофисаҿ  имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, ари аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҩбатәи афронтр аартра азҵаара иахьагьы актуалтә ҵакы амоуп.

«Иахьа ари азҵаара иаҳа актуалра амазар ҟалап.   Евроеидгыла атәылақәа рлидерцәа рриторика ҳәахәаҧшыр, аибашьра аҵыхәҧҵәара убарҭам, уи еиҳангьы, аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахарцаз ирылшо зегьы ҟарҵоит.  Украина абџьар арҭоит, Урыстәыла асанкциақәа азышьақәдыргылоит. Урыстәыла абашьразы ҳҽазыҟаҳҵоит ҳәа аинралцәа иҟарҵо аҳәамҭақәа рылагьы иубарҭоуп Аглобалтә аибашьра апартиа, Европа ахарџьла, ари аибашьра анагӡара ишазҿлымҳау. Ари апроцессаҿ Европагьы Урыстәылагьы иаҳа-иаҳа иҧсыҽхоит. Иара убас, европатәи атәылақәа бџьарла аиқәыршәара абиуџьет аздырҳауеит, арратә ахарџьқәа иаҳа идухоит, арратә ескалациа ашәарҭара азҳауеит, абри зегьы амшала Евроеидгыла асоциалтә ҭагылазаашьа еицәахоит. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳгәы ҳҽанызароуп. Ҳуааҧсыра европатәи абиурократцәа ршантажи рпровокациақәеи ирықәныҟәар ҟалом, ҳтәыла зырбгаша ашьаҿа ҟарымҵароуп», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.

Политика