Иракли Кобахиӡе афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ, ақырҭуа ааглыхыҩцәа дырҧылеит
Ҳтәылаҿы абизнес ахақәиҭра аҩаӡара ҳаракуп, убри аҟынтә, ахәқәа рышьақәыргылара апроцесс мҩаҧысуеит зхы иақәиҭу аџьармыкьа апринципқәа рышьаҭала, аха, араҟа, ҳара, ҳтәылауаа рҿаҧхьа асоциалтә ҭакҧхықәра ҳадуп, убри аҟынтә, абри аҭакҧхықәра иазҧхьагәаҭаны, ахәқәа рырмаҷра апроцессаҿ алагала ҟаҳҵар ҳалшоит ҳәа сгәы иаанагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аҵатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз аиҳабыратә координациатә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы ақырҭуа ааглыхыҩцәа данырҧылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ақырҭуа аалыҵ ақырҭуа џьармыкьаҿ аҭира аганахьала иҟоу апроблемақәа дырзааҭгылан, ахәқәа рырмаҷразы иҟоу аресурсқәа дрылацәажәеит.
„Ҳара излаадыруа ала, уажәазы аџьармыкьаҿ иҟоу ахәамарра аҧҟарақәа рымшала, ақырҭуа ааглыхыҩцәа ақырҭуа аџьармыкьеи аҳатә маркетқәеи рҿы раалыҵ аҭира рцәыуадаҩхеит. Қырҭтәыла аҳәаа инаркны аџьармыкьанӡа атауар ахә иацлоит 86%. Араҟа изакәызаалак ашәахтәк иҟам, уи адистрибуциа аҩаӡараҟны, анеҩс, амаркетқәа рҿы ишьақәгыло ацҵатә цқьа ауп. Ари ацҵатә даараӡа идууп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Европатәи атәылақәа рҿы инеизакны аҭиреи цырала аҭиреи рыбжьара ахәқәа реиҧшымра ҳбоит, уаҟа, ишаҧу еиҧш, ацҵатә 20 – 30% иаҟароуп. Убри аҟынтә, ахәқәа рырмаҷразы алшара иҟоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит, ҳара ақырҭуа аалыҵгьы ҳалацәажәоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Акомиссиа аилатәараҿы иҟан 25 раҟара ақырҭуа ааглыхратә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа.
Ҳазну амчыбжь азы, аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ, афармацевтикатә аалыҵи абылтәи рыхәқәа ирыдҳәаланы аиҧыларақәа мҩаҧгахоит.