Иракли Кобахиӡе афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз Аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ адистрибуциатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит 
Иракли Кобахиӡе афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз Аиҳабыратә координациатә комиссиа аформатаҿ адистрибуциатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит 

 

Абизнеси ауааҧсыреи ринтересқәа излауа ала абаланс рзутәуп, ари азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, ҳуааҧсыра ринтересқәа ҳрызхәыцыр ҳҭахуп, излауа ала ахәқәа ҳармаҷроуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы еиҿкааз Аиҳабыратә акоординациатә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы адистрибуциатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа данырҧылоз. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла ахәқәа рыцҵатә 86% иаҟароуп, ари арбага даараӡа идууп, убри аҟынтә, акомиссиа хықәкыс иамоуп аганқәа зегьы рҟны аконсультациақәа мҩаҧганы, ахәқәа рҳәаақәҵара апроцесс шымҩаҧысуа аилкаареи ахәқәа рыларҟәразы иҟоу алшарақәа реилкаареи.

„Раҧхьатәи аҭҵаарақәа ишаҳдырбаз ала, атауар Қырҭтәыла аҳәаа инаркны аҭиранӡа инеиаанӡа, ахәқәа рыцҵатә даараӡа иацлоит, ари арбага, инақәырҧшны, 86% иаҟароуп. Сара схаҭа избеит, иаҳҳәап, Германтәыла, ахәқәа рыцҵатә  20 – 30% иреиҳам, уи астандарттә ацҵоуп. Убри аҟынтә  86% даараӡа ирацәоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Абарҭ  86% рҟынтә хәҭак – 44% – адистрибуциоуп, иаҳа имаҷу ахәҭа аҳатә маркетқәа иртәуп. Зынӡа  86% ацҵатә иҟоуп, убри аҟынтә, Қырҭтәыла афатәаалыҵ ахә  европатәи ахәқәа раасҭа акырӡа иаҳа идууп. Зны-зынла  50%-ла иаҳа ахә андуу ҳбоит, ҩынтә, хынтә еиҳаны ахә цәгьоуп, жәакала иаҳҳәозар, ахәқәа рыбжьара аиҧшымра дууп. Ҳәарада, абизнес, ахы иақәиҭны аус ауазар бзиоуп, аха, араҟа асоциалтә факторгьы иҟоуп, уигьы ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп.  Абизнеси ауааҧсыреи ринтересқәа излауа ала абаланс рзутәуп, ари азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, ҳуааҧсыра ринтересқәа ҳрызхәыцыр ҳҭахуп, излауа ала ахәқәа ҳармаҷроуп, ари азҵаара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, абри аҩыза аиҧыларақәа аҵакы ду рымоуп, избанзар, аиҳабыра, ишиашо асектор ахаҭарнакцәа рҟынтә аинформациа роуеит дара ирымоу апроблемақәеи ахәқәа рыларҟәразы иҟоу алшарақәеи ирызкны.

Акомиссиа аилатәараҿы иҟан Адистрибуторцәа рассоциациа анапхгаҩи 15 раҟара адистрибуциатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи.

Иааиуа амчыбжь инаркны абри аҩыза аиҧыларақәа мҩаҧгахоит афатәаалыҵ ааглыхыҩцәа рҟны,  иара убас, афармацевтикатә аалыҵи абылтәи рыхәқәагьы ирыдҳәаланы.