Иракли Кобахиӡе Абу-Даби имҩаҧысуа Иҭышәынтәалоу аҿиара амчыбжь асаммит аартра ацеремониа ихы алаирхәит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Абу-Даби имҩаҧысуа Иҭышәынтәалоу аҿиара амчыбжь асаммит аартра ацеремониа ихы алаирхәит.
Аиҳабыра рнапхгаҩи ақырҭуа делегациеи асаммит аартреи Абу-Даби амилаҭтә ацәыргақәҵатә центраҿ имҩаҧгаз Заиед ихьӡ зху аҭышәынтәалара аҳамҭа аҭара ацеремониеи рхы аладырхәит.
Асаммит ааиртит Иеиду Арабтәи Аемиратқәа ааглыхреи иҿыцу атехнолоиақәеи рминистр асулҭан Аҳмед Аль Џьабер.
Аусмҩаҧгатә аҿы дыҟан Иеиду Арабтәи Аемиратқәа рхада, ашеих Маҳаммед Бин Заиед Аль Наҳиани, иара еиуеиҧшым акатегориақәа рҿы аиааирагаҩцәа Заиед ихьӡ зху аҭышәынтәалара аҳамҭа риҭеит.