Иракли Кобахиӡе – Ҭынч ма ҭынчрада ахҳәара ҳәа атерминқәа иҟам, рхы иааҭашәо зегьы рҳәоит, иааҟәымҵӡакәа арадикализми, ахҳәареи, абылреи иалацәажәоит, азакәан иџьбараны ахархәара амазароуп
Ҭынч ма ҭынчрада ахҳәара ҳәа атерминқәа иҟам, аҩ-хырхарҭак рыла аус хьацыркуп, ахҳәара аҽазкразгьы, аҵыртыша аҭара аҽазкразгьы. Егьирахь, аӡбарҭоуп зегьы зыӡбо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Леван Хабеишвили иаанкылара иазкны ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, иара ибзиаӡаны идыруеит Хабеишвили „Анита“ ҳәа ихьӡазҵаз, зны 3 000 лари, анеҩс 5 000 лари изызшәоз.
„Рхы иааҭашәо зегьы рҳәоит, иааҟәымҵӡакәа арадикализми, ахҳәареи, абылреи иалацәажәоит. Араагьы хҧа-ҧшьба шықәса раҧхьа иҟаз апрактика акәымкәа, даҽа азнеишьак иҟазароуп. Азакәан иџьбараны ахархәара амазароуп, абас мацароуп ҳмилаҭтә интересқәа рыхьчара шҳалшо. Зегьы ажәа рысҭоит, егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы азакәан шҳарҕәҕәаз еиҧшҵәҟьа, аполитикатә ашьаҭа змоу ацәгьаурақәа рҿгьы ҷыдала азакәан ҳарҕәҕәоит. Ахырхарҭақәа зегьы рыла иаҳа иџьбараны азакән ҳақәныҟәоит. Ҳәарада, анаркоманцәеи, Амилаҭтә ҵысреи, ацәгьауцәеи уи ргәаҧхом, аха, ҳуааҧсыра иргәаҧхоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.