Иракли Ҕарибашвили  World Rugby  ахада Билл Бомонт диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  World Rugby  ахада Билл Бомонт диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  World Rugby  ахада Билл Бомонт диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит аиҳабыра радминистрациа.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ақырҭуа арегби аҿиара ацхраареи қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи иалацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы  World Rugby ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ақырҭуа арегби ацхраареи Қырҭтәылаҟа ивизити азыҳәан.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра арегби  аҿиара иазҿлымҳауп,  уи убарҭоуп Арегби аидгыла абиуџьет аизырҳара алагьы. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  аҳәынҭқарра,  наҟ-наҟгьы абри аспортхкы аҿиара иацхраауеит.