Иракли  Ҕарибашвили – Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳара сгәы шыснархьыз жәала исызшәаҳәом
Иракли  Ҕарибашвили – Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳара сгәы шыснархьыз жәала исызшәаҳәом

«Ваке апаркаҿ иҟалаз арыцҳара сгәы шыснархьыз жәала исызшәаҳәом», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳаҿы.

«Иҭахаз аӡҕаб лҭаацәеи луацәеи абарҭ ихьанҭаӡоу аминуҭқәа рзы гәыкала срыдашшылоит.

Аусеилыргара иалагахьеит, арыцҳара зыхҟьаз амзызқәа еилкаахоит,  изхароу ауааҧсыра зегьы иџьбараӡоу ахьырхәра роуеит», — иҩит Ҕарибашвили.

Аларҵара зуз аинформациала, Ваке апаркаҿ ихәмаруаз ахәыҷқәа рымпыл аӡыршә иҭаҳаит. Ампыл анҭыргоз хҩык ахәыҷқәа афымца рысит.  Ҩыџьа ахәыҷқәа зыҧшра ҟамҵакәа ахәышәтәырҭашҟа инаган. Руаӡәы дыҧсит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ ала  —  афымцеи, аҧхарратә енергиеи, агази, анефҭи, анефҭаалыҵи аобиектқәа рҿы ашәарҭадара апҟрақәа реилагаразы.