Иракли Ҕарибашвили – Стәыла 20 наӡына уажәгьы Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аха, уезгьы, ари апроблема ду ҳхырхарҭа азаҧсахуам, ҳара иреиҳаӡоу акапантә категориаҿы аицлабра ҳаҿуп
Иракли Ҕарибашвили – Стәыла 20 наӡына уажәгьы Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аха, уезгьы, ари апроблема ду ҳхырхарҭа азаҧсахуам, ҳара иреиҳаӡоу акапантә категориаҿы аицлабра ҳаҿуп

«Стәыла 20 наӡына уажәгьы Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аха, уезгьы,  ари апроблема ду ҳхырхарҭа азаҧсахуам, ҳара иреиҳаӡоу акапантә категориаҿы аицлабра ҳаҿуп, жәларбжьаратәи ауаажәларра   аусураҿы алагала  ҟаҳҵар ҳҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада  77-тәи асессиаҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла алшарақәа зегьы ахы анархәоит  жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны аусеицурала аҭынчра ашьақәыргыларазы.

«Ҳара алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит  жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны аусеицурала аҭынчра ашьақәыргыларазы. Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа аҵакы ду рымоуп 2008 шықәсазы, Евроеидгыла абжьацәажәарала, амца аанкылара иазкны  Урыстәыла иаднакылаз аиқәшаҳаҭра анагӡара аиқәыршәаразы. Жәларбжьаратәи ауаажәларра Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, Қырҭтәыла ари адгылара иҳаракны ахә ршьоит.   Стәыла 20 наӡына уажәгьы Урыстәыла ала импыҵахалоуп, аха, уезгьы,  ари апроблема ду ҳхырхарҭа азаҧсахуам, ҳара иреиҳаӡоу акапантә категориаҿы аицлабра ҳаҿуп, жәларбжьаратәи ауаажәларра аусураҿы алагала ҟаҳҵар ҳҭахуп», — иҳәеит аҧыза-министр.