Иракли Кобахиӡе ЕАР Ассамблеиа Хада 79-тәи асессиа иалахәу аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа раҳаҭыр аҟынтә амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш имҩаԥгаз адкылараҿ дыҟан

21:58, 24.09.2024

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР амаӡаныҟәгаҩ  хада Антонио Гутиереш иофициалтә адкылараҿ дыҟан, адкылара мҩаҧган ЕАР Ассамблеиа Хада 79-тәи асессиа иалахәу аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа раҳаҭыр аҟынтә.

Иахьа иаартыз ЕАР Ассамблеиа Хада  79-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа нагӡахоит цәыббра 30-наӡа. Ахадаратә дебатқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, цәыббра 25 рзы, Қырҭтәыла аҧыза-министр, ЕАР атрибунантә, адунеи алидерцәа рҿаҧхьа дықәгылоит. 

Еиԥшу