Иракли Ҕарибашвили – Сара абаандаҩы илацәажәара салгахьеит, атәылаҿы азҵаарқәеи апроблемақәеи рацәоуп, уажәы абри ауп сзызхәыцуа
Иракли Ҕарибашвили – Сара абаандаҩы илацәажәара салгахьеит, атәылаҿы азҵаарқәеи апроблемақәеи рацәоуп, уажәы абри ауп сзызхәыцуа

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, атәылаҿы апроблемақәа рацәоуп, убри аҟынтә, абаандаҩы илацәажәара игәы иҭам.

Страсбургтәи аӡбара ақәҵара иазкны ажурналистцәа данрацәажәоз, иара ишиҳәаз ала,  Михаил Саакашвили уаҳа дилацәажәом, абри азҵаара иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟаиҵоит аиустициа аминистр.

«Ҳәарада, ҳара Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара ҳаҧхьеит. Аиустициа аминистр ари атема инарҭбааны далацәажәоит.  Сара уаанӡагьы ишәасҳәахьеит абаандаҩцәа рылацәажәара сшалгахьоу. Атәылаҿы азҵаарақәеи апроблемақәеи рацәоуп, уажәы абри ауп сзызхәыцуа», — иҳәеит Ҕарибашвили.