Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла Ельдар Шенгелаиа илаҽхәоит,  адунеитә аҩаӡара змоу арежиссиор ақырҭуа кинематограф ахьӡ шьҭихит
Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла Ельдар Шенгелаиа илаҽхәоит,  адунеитә аҩаӡара змоу арежиссиор ақырҭуа кинематограф ахьӡ шьҭихит

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили  Ельдар Шенгелаиа  90 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла,  Қырҭтәыла Ельдар Шенгелаиа илаҽхәоит,  адунеитә аҩаӡара змоу арежиссиор ақырҭуа кинематограф ахьӡ шьҭихит.

«Еицырдыруа ҳрежиссиор Ельдар Шенгелаиа  90 шықәса ихыҵра идысныҳәалоит. Ельдар Шенгелаиа ақырҭуа кионоҟазараҿы хәы змам алагала ҟаиҵеит. Ҳазынтәгьы гәыкалабзиа иаабо, ҳгәы зыздуу  ирҿиамҭа ақырҭуа кинематограф аҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит.  Ельдар Шенгелаиа икиношедеврқәа рперсонажцәа зегьы абзиабареи агәыҳалалреи рхылҵуеит.   Қырҭтәыла Ельдар Шенгелаиа илаҽхәоит,  адунеитә аҩаӡара змоу арежиссиор ақырҭуа кинематограф ахьӡ шьҭихит. Ҳрежиссиор дуӡӡа агәабзиареи агәамчреи изеиҕьасшьоит», — азгәеиҭеит Иракли Ҕарибашвили.