Ельдар Шенгелаиа Дидубетәи ауаажәларратә усзуҩцәа рпантеонаҿ анышә дамардеит
Ельдар Шенгелаиа Дидубетәи ауаажәларратә усзуҩцәа рпантеонаҿ анышә дамардеит

Акинорежиссиор Ельдар Шенгелаиа Дидубетәи ауаажәларратә усзуҩцәа рпантеонаҿ, иани иаби – Нато Вачнаӡеи Николоз Шенгелаиеи, иашьа Гьаргь Шенгелаиеи рывара анышә дамардеит.

Иахьа шьыжь инаркны, Сиони акафедралтә ныхабааҿы Ельдар Шенгелаиа ипанихида мҩаҧысуан.

Арежиссиор иҭаацәара алахәылацәа ирыдашшылеит Қырҭтәыла ахадеи, аҧыза-министри, апарламент ахантәаҩи, аҳҭнықалақь ахадеи, аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи.

Иара убас, иахьа Ельдар Шенгелаиа иҭаацәара алахәылацәа ирыдашшылеит апартиа  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвилии иҧшәмаҧҳәыс Екатерине Хведелиӡеи.

Ельдар Шенгелаиа  92 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.