Акультура аминистрра Ельдар Шенгелаиа иҧсра инамаданы адашшылара ҟанаҵеит
Акультура аминистрра арежиссиор Ельдар Шенгелаиа иҧсра инамаданы адашшылара ҟанаҵеит.
«Ельдар Шенгелаиа ирҿиамҭа аҟазара азкызаара дуӡӡа аанарҧшуеит – «ауаҩы агәырҕьара изаагареи агәымшәара илааӡареи».
Нато Вачнаӡеи Николоз Шенгелаиеи рхылҵ, иара аҭаацәаратә традициа нагӡаны, ақырҭуа кинематограф аҿиара аус аҿы алагала ду ҟаиҵеит. Агуманизми алаф бзиеи рыла иҭәу ифильмқәа зегьы ауаа агәырҕьара ду рзааргоит. Абасоуп Ельдар Шенгелаиа ибызшәеи идунеихәаҧшышьеи шыҟоу.
Қырҭтәыла Акультура аминистрра Ельдар Шенгелаиа иуацәеи, иҩызцәеи, Қырҭтәыла ауааҧсыреи гәыкала ирыдашшылоит», – иануп аминистрра Facebook даҟьаҿы.
Арежиссиор Ельдар Шенгелаиа 92 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.