Амилаҭтә архив акинотеатр аҿы Ельдар Шенгелаиа ифильмқәа рретроспектива аартын
Амилаҭтә архив акинотеатр аҿы Ельдар Шенгелаиа ифильмқәа рретроспектива аартын

Ельдар Шенгелаиа 90 шықәса ҵра инамаданы, Аиустициа аминистрра иаҵанакәа Амилаҭтә архив акинотеатр аҿы акинорежиссиор ифильмқәа рретроспектива “Ацәыргақәҵа ссир” аартын.

Амилаҭтә архив аинформациа ала, жәабран 5 -нӡа аретроспектива афильқәа рҿы ахәаԥшцәа ирбар рылшоит афильмқәа: “Ақаруан шкәакәа”  (1963 ш.), „Миқела“ (1965 ш.), „Ашьха иаҵәақәа“ (1983 ш.), „Акресла“ (2017 ш.), „Саманишвили ианԥса“ (1977 ш.), „Ахеивысцәа“(1973 ш.), „Мравалжамиери“ (атрилогиа) (2022 ш.).

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, ауснагӡатә аиҿкааҩцәа роуп: Қырҭтәыла амилаҭтә архив, Қырҭтәыла акультура аминистрра, Қырҭтәыла амилаҭтә кинофентр.