Иракли Ҕарибашвили Иорданиа аҳ Абдала II-тәи Қьырса иӡӡаахра аҭыҧ иаҧну адгьылҭыҧ Қырҭтәыла аҭаразы Ахьтәы уаҧс-цәа аорден ианеишьеит
Иракли Ҕарибашвили Иорданиа аҳ Абдала II-тәи Қьырса иӡӡаахра аҭыҧ иаҧну адгьылҭыҧ Қырҭтәыла аҭаразы Ахьтәы уаҧс-цәа аорден ианеишьеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иорданиа аҳашимиттә аҳра аҳ Абдала II-тәи Адгьлы цқьа аҿы, Қьырса иӡӡаахра аҭыҧ иаҧну адгьылҭыҧ Қырҭтәыла аҭаразы, Қырҭтәыла ахьӡала, аҭабура адыргала, Ахьтәы уаҧс-цәа аорден ианеишьеит.

Иракли Ҕарибашвили Иорданиатәи аҳашимиттә аҳра аҳ Абдала II-тәи диҧылеит Иорданиа ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аиҳабыра рнапхгаҩы Иорданиа аҳ ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қьырса иӡӡаахра аҭыҧ иаҧну 4000 аквадраттә метр аҵакырадгьыл Қырҭтәыла аҭаразы. 

„Ҭабуп әҳа шәасҳәоит, шәаҳаракыра! Хаҭала шәара шәҧылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Ҳааҧхьареи ҳадкылареи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.  Қырҭәтыла адгьылҭыҧ аҭаразы ишәыдышәкылаз аӡбаразы ҳтәылеи, ҳаиҳабыреи,  ҳуааҧсыреи рыхьӡала ҭабуп әҳа шәасҳәоит. Гәыкала ишәасҳәар сҭахуп абри аҳамҭа дуӡӡала ҳмилаҭ агәырҕьара ду шрышәҭаз. Убри азыҳәан даҽазнык ҭабуп әҳа шәасҳәоит! Иара убас, ҳаизыҟазаашьақәа рҵакы иазгәасҭар сҭахуп. Иҵабыргны, алшара бзиа ҳауит ҩганктәи ҳаизыҟазаашьақәеи урҭ рырҿиареи ҳалацәажәарц азыҳәан. Убри азоуп аделегациа зсыцу. Даҽазнык ҭабуп әҳа шәасҳәоит,“- иҳәеит аиҳабыра рнахгаҩы ах Абдала  II-тәи иахь ихы рханы. 

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, адгьыл цқьа аҿы қырҭтәыла иарҭаз адгьылҭыҧаҿ идыргылоит Ақырҭуа культура ацентр, уи ҩ-тәылак рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи арҕәҕәареи ақырҭуааи иорданааи рҭоурыхтә ҭынха иазку адыррақәа реиҭныҧсахлареи иацхраауеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭәтылеи Иорданиеи реизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит.