Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган 
Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧтә ала иазҧхьагәаҭаз  12 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун  „Ахәшәқәеи афармацевтикатә усуреи иазку“ Қырҭтәыла азакәан аҧсахрақәа алагара иазку“ азакәани  „Аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирызку” Қырҭтәыла азакәан аҧсахра алагара иазку“ азакәани ирызку азакәанпроект. .

Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, аҳәынҭқарра,  аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыла, аиновациатә фармацевтикатә аалыҵ аанахәоит ааглыхҩы, ма ахәаахәҭратә лицензиа змоу аҧшәма иҟны аиҿцәажәарақәа рыла.

Ауааҧсыра аиновациатә медикаментқәа рхархәара рзыманшәалазарц азыҳәан, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыла амедикаментқәа аархәоит имҩақәҵоу аиқәшаҳаҭра  (Managed Entry Agreement) амеханизм ахархәарала, уи ала иазҧхьагәаҭоауп ирмаҷу ахә ала амедикаментқәа раахәара.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект адкылара аиновациатә оригиналтә фармацевтикатә аалыҵ ахархәаҩцәа рзы анырра бзиа амазаауеит, ауааҧсыра аиновациатә медикаментқәа рхархәара рзыманшәалахоит, аҳәынҭқарратә финансқәа рныхра иаҳа еиҕьу алҵшәа ахылҵуеит. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, абри зегьы абзоурала, иаҳа ирацәаны апациентцәа аҽыхәышәтәразы аҧара рзоурышьҭыр рылшоит, аҧарра ззоушьҭу амедикаментқәа рхыҧхьаӡара ацлоит ахәышәтәра акурс иазҧхьагәаҭаны.

Имҩақәҵоу аиқәшаҳаҭра  (MEA)  адунеи зехьынџьара аларҵәара ду амоуп, ари амеханизм рхы иадырхәоит Евроеидгыла атәылақәа зегьы рҿы.