Иракли Ҕарибашвили -  Европатәи алидерцәа рҟынтә иҳаҳаит Украинеи Молдовеи авансла акандидат астатус рыҭара аполитикатә аӡбара шакәыз,  рызынтәгьы иазхарҵеит Қырҭтәыла Украинеи Молдовеи раасҭа жәантә иаҳа иҳаракны ишгылоу
Иракли Ҕарибашвили -  Европатәи алидерцәа рҟынтә иҳаҳаит Украинеи Молдовеи авансла акандидат астатус рыҭара аполитикатә аӡбара шакәыз,  рызынтәгьы иазхарҵеит Қырҭтәыла Украинеи Молдовеи раасҭа жәантә иаҳа иҳаракны ишгылоу

«Европатәи алидерцәа рҟынтә иҳаҳаит Украинеи Молдовеи авансла акандидат астатус рыҭара аполитикатә аӡбара шакәыз,  избаназар, Украина аибашьра мҩаҧысуеит, Молдова аҭагылазаашьагьы аибашьратә ҭагылазаашьа еиҧшуп», – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аинтерпеллиациа аҧҟарала апарламентаҿ данықәгылоз.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла,  европатәи алидерцәа зегьы иазхарҵеит Қырҭтәыла, ахырхарҭақәа зегьы рыла, Украинеи Молдовеи раасҭа жәантә иаҳа иҳаракны игылоу.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Украинеи Молдовеи акандидат астатус ранашьан Қырҭтәыла иазышьақәдыргылаз аҭагылазаашьақәа рыла.

«Дара ари астатус авансла ироуит, аха, даргьы имаҷымкәа абжьагарақәеи аҳәарақәеи нарыгӡароуп.  Ҳара даҽазнык иҳарҳәеит ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы шамоу, абри аҩыза аӡбара ҳаиҧхыӡуамызт, ҳаҭыр зқәу Гьаргь Вашаӡеи уи деиҧхыӡуамызт, ҳтәыла европатәи аперспектива аиуит.  Урсула фон дер Лаиени, Шарль Мишели, егьырҭ европатәи алидерцәа ражәақәа еиҭасҳәар сҭахуп, дара еицҿакны иазхарҵеит ари аӡбара аҭоурыхтә ҵакы шамоу. Абри апроцесс ала циклк хыркәшоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, уи кыршықәсатәи ҳусура иахылҵыз алҵшәоуп. Ибзианы исгәалашәоит, ҳара, жәабала, шәкыла азакәанпроектқәа аус рыдааулон. Аҳәынҭқарратә сектори апарламенти  аусура ду мҩаҧыргеит», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.