Иракли Ҕарибашвили Европа иҟоу Америка арратә напхгара  аиҳабы, аинрал Кристофер Каволи диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Европа иҟоу Америка арратә напхгара  аиҳабы, аинрал Кристофер Каволи диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европа иҟоу Америка арратә напхгара  аиҳабы, аинрал Кристофер Кавали диҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аинрал ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа апроцесс адгыларазы, анеҩс, иаҵшьны иазгәеиҭеит ари авизит аҵакы ду. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҳаҧхьаҟа аусеицуразы иҟоу аперспективақәа ирылцәажәеит.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи, иара убас, Америкаҟны астратегиатә партниорреи – атәылазы ахадаратә ҵакы змоу ҧыжәароуп, ари ахырхарҭала апартниорцәа рҟынтә адгылара аҵакы ду амоуп.

Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара арҕәҕәара иазку НАТО аҽазышәарақәа рҿы крызҵазкәа алагала аҟаҵара ишазыхиоу.

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла ахыхьчаралшара аизырҳаразы Америка Қырҭтәыла иазоунашьҭуа ацхыраара иалацәажәан, ишазгәарҭаз ала, атәыла крызҵазкәа алагала ҟанаҵоит азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы. Ишырҳәаз ала, аҵыхәтәантәи ҩажәа шықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла активла иалахәын НАТО аегидала имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи амиссиақәа рҿы, наҟ-наҟгьы, НАТО апартниорцәеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ирывагыланы, аҩада-атлантикатә шәарҭадара ахьчара иазыхиоуп.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Украина имҩаҧысуа аибашьреи ашәарҭадара аганахьала арегионаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи.

Аҧыза-министр америкатә ган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, НАТО иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Виктор Долиӡеи, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани, Қырҭтәыла иҟоу Америка атәылахьчара аташе Џьозеф Билбои.