Иракли Ҕарибашвили Бақәа ахада диҧылеит  
Иракли Ҕарибашвили Бақәа ахада диҧылеит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бақәа ахада Елдар Азизов диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рыбжьара ишьақәгылаз аусеицура ҕәҕәа ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаза ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рдиалог аиҩызаратәи аусеицуратәи аҧышәа бзиа амоуп,  уи астратегиатә партниорра ҕәҕәа ахылҵит.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала,  арегионалтә усеицура арҭбаара аҩ-тәылак ринтересқәа ирыҵанакуеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла,  Қырҭтәыла, зыгәра угаша апартниор ҳасабала, наҟ-наҟгьы крызҵазкәа алагала  ҟанаҵоит азеиҧш проектқәа рынагӡареи рырҿиареи аҿы.

Аиҧылара алахәылацәа арегиони адунеи аҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан   аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара аҵакы.