Иракли Ҕарибашвили  -  Амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа  - „Иаҧсоу апартниор“ жәларбжьаратәи ҳусеицура арҭбаареи, ҳгәы зыздуу ҳаруаа рзанааҭдырра аиҕьтәреи, НАТО астандартқәа ршьашәалазаара аизырҳареи  иазку даҽа шьаҿак ауп  
Иракли Ҕарибашвили  -  Амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа  - „Иаҧсоу апартниор“ жәларбжьаратәи ҳусеицура арҭбаареи, ҳгәы зыздуу ҳаруаа рзанааҭдырра аиҕьтәреи, НАТО астандартқәа ршьашәалазаара аизырҳареи  иазку даҽа шьаҿак ауп  

Амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа  -„Иаҧсоу апартниор“ жәларбжьаратәи ҳусеицура арҭабаареи, ҳгәы зыздуу ҳаруаа рзанааҭдырра аиҕьтәреи, НАТО астандартқәа ршьашәалазаара аизырҳареи  иазку даҽа шьаҿак ауп,- иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа  – „Иаҧсоу апартниор 2022“ аркратә уснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы азыҟаҵарақәа ирылахәыз арратә маҵзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иракли Ҕарибашвили ақырҭуа аруаа ҷыдала ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, дара даҽазнык аадырҧшит рзанааҭдырреи рҭакҧхықәра дуи.

Азыҟаҵарақәа ирылахәыз атәылақәа рыруаа  рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили,  Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы, аинрал-маиор Гьаргь Матиашвилии, Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Кели Дегнани, Америкатә ар  V акорпус анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, аинрал-маиор Џьефри Броудвотери.

Амилаҭрацәаратә азыҟаҵрақәа – „Иаҧсоу апартниор  2022“ Вазиантәи 11-тәи аполигон аҿы аофициалла ихыркәшоуп. Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыӡрашәа анеҩс, асасцәа, Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара зхы ақәызҵаз ақәҧаҩцәа минуҭтәи аҿымҭрала ҳаҭырла иргәаладыршәеи.