Иракли Ҕарибашвили – Акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭома, абас ауп азҵаара шықәгылаз, акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭом, уи ареформақәа рынагӡаразы амотивациоуп
Иракли Ҕарибашвили – Акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭома, абас ауп азҵаара шықәгылаз, акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭом, уи ареформақәа рынагӡаразы амотивациоуп

«Акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭома, абас ауп азҵаара шықәгылаз, акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭом, уи ареформақәа рынагӡаразы амотивациоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аглобалтә шәарҭадара афорум  (GLOBSEC)  аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла  НАТО заҵәы ауп ашәарҭадара еиқәзыршәо.

«Ари азҵаара цқьа еилҳаргароуп, избанзар, зҵакы дуу зҵаароуп. Акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭома, абас ауп азҵаара шықәгылаз, акандидат астатус ашәарҭадара агарантиақәа ҳнаҭом. Араҟа ашәарҭадара агарантиақәа рылацәажәара иахәҭам. Ашәарҭадара еиқәзыршәо аиҿкаара заҵәы  —  НАТО ауп. Ҳара акандидат астатус ауп ҳазлацәажәо, уи асимволтә ҟазшьа амоуп, аха,  ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп. Сара абас аҭак ҟасҵоит  —  мап,  акандидат астатус Қырҭтәылеи Молдовеи Украинеи ршәарҭадара еиқәнаршәом.  Аха, уи ареформақәа рынагӡаразы амотивациа ҳнаҭоит», — иҳәеит  Иракли  Ҕарибашвили.