Иракли Ҕарибашвили -  2008 шықәсазы аибашьра ҳаман, усҟан Урыстәыла иаҿагыланы аӡәыр асанкциақәа шьақәиргылама, ҳара ҳаибашьра  - еибашьраӡамзи, Украина имҩаҧысуа аибашьра  мацароума еибашьроу? Алогика абаҟоу?
Иракли Ҕарибашвили -  2008 шықәсазы аибашьра ҳаман, усҟан Урыстәыла иаҿагыланы аӡәыр асанкциақәа шьақәиргылама, ҳара ҳаибашьра  - еибашьраӡамзи, Украина имҩаҧысуа аибашьра  мацароума еибашьроу? Алогика абаҟоу?

«2008 шықәсазы аибашьра ҳаман, усҟан Урыстәыла иаҿагыланы аӡәыр асанкциақәа шьақәиргыла, ҳара ҳаибашьра  – еибашьраӡамзи, Украина имҩаҧысуа аибашьа  мацароума еибашьроу? Алогика абаҟоу?», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Катартәи Аекономикатә форум апанельтә дискуссиаҿы данықәгылоз.

Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь Америкеи Европеи абжьааҧнытә режимла Урыстәыла аус ацыруан.

«Урыстәыла ҳаҿагыланы 2 ганктәи аекономикатә санкциақәа шьақәҳаргылар, Қырҭтәыла аекономика каҳауеит, ҳажәлар ҧырхага ду рзааҳгоит.   2008 шықәсазы аибашьра шҳамаз ибзиаӡаны ижәдыруеит, усҟан Урыстәыла иаҿагыланы аӡәыр асанкциақәа шьақәиргылама? Аӡәгьы. Адунеиаҿ аӡәгьы ииашоу, иахәҭоу ақәҿыҭра ҟаимҵеит. Убри аҟынтә, сшәазҵаауеит:   Алогика абаҟоу? Ҳара ҳаибашьра  – еибашьраӡамзи, Украина имҩаҧысуа аибашьра  мацароума  еибашьроу?  2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь Америкеи Европеи абжьааҧнытә режимла Урыстәыла аус ацыруан.  Иаартны ишәасҳәар сҭахуп, усҟан уи даараӡа ҳгәы иалсит.   Усҟантәи арбгаратә еибашьра ашьҭахь ҳтәыла  20%  иахьагьы Урыстәыла ала импыҵахалоуп, Урыстәыла ҳҭоурыхтә аҵакырадгьылаҿ арратә 2 базак дыргылеит, Урыстәыла ҳҭоурыхтә регионқәа рхьыҧшымра азханаҵеит, ари ампыҵахалара иахьагьы инагӡоит.

Убри аҟынтә, европатәии америкатәии ҳҩызцәа рахь зҵаарак сымоуп: акыр иаҧсоу сҩызцәа, шәара абжьааҧнытә режимаҿ Урыстәыла аус ацыжәуан, Урыстәыла шәаҿагыланы асанкциақәа шьақәшәмыргылеит.  2022 шықәсанӡа Евроеидгыла Урыстәыла ирзыршәеит  2,3 триллион  адоллар. Акгьы ҟамлазшәа, аӡәгьы Урыстәыла аус ацура даҟәымҵит.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳара Украинеи аукраин жәлари ҳашрыдгыло. Ари аибашьра излауа ала ирласны ихыркәшазар ҳҭахуп.  Ҳара  жәларбжьаратәи аплатформақәа зегьы рҿы  500 инареиҳаны арезолиуциақәа ҳрыдгылеит, жәларбжьаратәи асанкциақәа ҳрықәныҟәоит. Аҳәынҭқарратә департаментаҿ ирҳәеит Қырҭтәыла афинанстә институтқәа зегьы афинанстә санкциақәа ирықәныҟәоит ҳәа.

Аекономикатә санкциақәа ҳрылацәажәозар, Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара атауареикәшара миллиардк адоллар еиҵуп. Еиҿаҳарҧшыр,    шықәсык иалагӡаны ҳара иҳамоу ахәаахәҭра Евроеидгыла ҧшьымш  рыла ихәаахәҭуеит.  Уи ирччагоуп. Алогика иҟам. Уи ҳтәыла амилаҭтә интересқәа ирҧырхагахон», — иҳәеит  Иракли  Ҕарибашвили.