Иракли Ӷрибашвили - Рашәара 23-24 рзы Еврокомиссиа алкаа сазыԥшуп, ииашам, ихьымӡӷыргаго аӡбамҭа рыдыркылар,  ажәлар иаартны зегьы расҳәоит
Иракли Ӷрибашвили - Рашәара 23-24 рзы Еврокомиссиа алкаа сазыԥшуп, ииашам, ихьымӡӷыргаго аӡбамҭа рыдыркылар,  ажәлар иаартны зегьы расҳәоит

Рашәара 23-24 рзы Еврокомиссиа алкаа сазыԥшум, ииашам, ихьымӡӷыргаго аӡбамҭа рыдыркылар,  ажәлар аартны срылацәажәоит, зегьы ирзеиҭасҳәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷрибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, рашәара 23-24 рзы европатәи аҩызцәа ажәлари атәылеи шрызныҟәо еилкаахоит.

„Астатус иазкны атәыла аиаша расҳәароуп. Акандидат статус аҵак ду  аха асимволтә ҟазшьа амоуп. Акандидт статус ҳанаршьап ҳәа  аоптимизм сцәыӡуам, Европа ииашоу аӡбара рыдыркылап ҳәа сгәыӷуеит, ри аӡбыры Европа аинтересқәеи ҳинтересқәеи ирылоуп. Мап ҳарҳәар,уи Урыстәыла аинтересқәа ирышьашәалахоит. Астатус ибзиоуп, аха ҳара ҳзы ихадоу документ ассоциира иазку аиқәшаҳаҭроуп, авизадатә режимуп, зхы иақәиҭу ахәаахәҭроуп. Ассоциациатә трио ҳәа анырҳәо,Украинеи Молдовеи реиҿырԥшра сҭахымызт, аха апараметрқәа зегьы рҿы ҳара аԥхьгылара ҳамоуп, ассоциирра иазку аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу апунктқәа 45% наҳагӡахьеит, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра 50% наҳагӡеит, убри аҟынтә акандидат астатус асимволтә ҵакы амоуп”, – иҳәеит Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, 300-ҩык европарламентарцәа аадырԥшыз апозициа иҭакԥхықәрадоуп, ақырҭуа жәлар раҳаҭыр аларҟәроуп, Қырҭтәыла ауааԥсыра 80% Евроеидгыла алалара иадгылоит.