Иракли Ӷарибашвили Еврокомиссиа ахада Урсула Фон дер Лаиен ашәҟәы лзииҩит
Иракли Ӷарибашвили Еврокомиссиа ахада Урсула Фон дер Лаиен ашәҟәы лзииҩит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Еврокомиссиа ахада Урсула Фон дер Лаиен ашәҟәы лзииҩит.

Ашәҟәы Қырҭтәыла аиҳабыра рвебдаҟьа ианылеит.

Ӷарибашвили ишәҟәы ишану ала, рашәара 9 рзы Европарламент Қырҭтәыла иазку арезолиуциа аднакылеит. Рыцҳарас иҟалаз, зыӡбахә ҳәоу арезолиуциа иануп цқьа игәаҭам аинформациеи афактқәеи рацәаны, ари азҵаара иадҳәаланы инарҭбаау аинформациа сзаашәырԥшыр дахызиоуп.

“Арезолиуциаҿы агәынамӡара аарҧшуп  „аолигарх Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла аполитикеи аекономикеи аҿы инаигӡо адеструктивтә роли, иара убас, аиҳабыреи аиҳабыра рыӡбарақәеи рхылаҧшреи амшала,  ажурналистцәеи аполитикатә оппонентцәеи рышьҭазаара иадҳәалоу аӡбарақәагьы уахь иналаҵаны“.  Иара убас, арезолиуциаҿы агәынамӡара аарҧшуп „Кремль аҟны Иванишвили имоу хаҭалатәи аустәи аимадарқәа рымшала, уи Урыстәыла иаҿагыланы ишьқәыргылоу асанкциақәа ирыдҳәаланы  Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара ирымоу апозициа иадҳәалоуп“. Убри адагьы, арезолиуциа Европатәи ахеилаки адемократиатә партниорцәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵоит  “Иванишвили Қырҭтәыла аполитикатә процессқәа реицәахараҿы инаигӡаз ароль азы иара хаҭалатәи асанкциақәа изышьақәыргылара азҵаара иахәаҧшырц“, – иазгәаҭоуп ашәҟәы аҿы.

Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аоппонентцәа Биӡина Иванишвили аполитикахь ма аиашаӡбарахь иҽалагалара фактгьы  хаан ицәыррымгацт, иара уажәшьҭа Қырҭтәыла аекономикатә усура мҩаҧигом, Урыстәылаҟны хаҭалатәи ма аустәи аимадара прецеденткгьы иҟам. Убри аҟынтә, иформалым анапхгара иадҳәаланы арезолиуциа иану зегьы мцуп.

“Еилкаау амзызқәа рымшала, абри ашәҟәы аҟны инарҭбааны сазааҭгылом 2012 шықәсазы Қырҭәтыла идемократиамыз анапхгара аҵыхәҧҵәареи 2012 шықәса инаркны атәыла адемократиатә аҿиара аиәқыршәареи аҿы Биӡина Иванишвили иҟаиҵаз алагала ду. Иформалым анапхгара иазку иҵаҵгәыркым ахарадҵара мацара сазааҭыглоит, хаҭала сара ари ахарадҵара хьымӡҕьысшьоит. Ишышәҳо ала, атәыла аҧыза-министр иакәымкәа, шықәысыкибжаки раҧхьа зхатә ҭаххарала аполитика иалҵыз ауаҩҧсы иоуп аиҳабыра ирхагылоу, хаҭала сареи стәылеи азы уи хьымӡҕуп. 

Убри адагьы, аоппозициа арадикалтә хәҭа арезолиуциа анҵамҭақәа рзы иадырхәоит ҳтәылаҿы аполиаризациа иаҳа арҕәҕәаразы, убри аҟынтә, абри зегьы стәыла проблемас иазыҟалеит. 

Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу арезолиуциа ишиашо рхы иадырхәит швеицариатәи абанк аҿы Биӡина Иванишвили ифинанстә аиагарақәа раанкыларазы. Убри аҟынтә, абанк, Европарламент адокумент ахы ианархәоит қырҭәтыла ҧасатәи аҧыза-министр изакәантә зин аилагаразы, уигьы ҳтәыла аҳаҭыр ланарҟәоит”, – иануп Иракли Ӷарибашвили Еврокомиссиа ахада Урсула Фон дер Лаиен илзиҩыз ашәҟәы аҿы.