Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 127-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 127-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  491-ҩык, урҭ рҟынтә 127-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 236-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 34 -ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны, Аҟәа иҟоу урыстәылатәи арратә госпитали Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭеи рҟны фҩык апациентцәа рыиԥсҭазаара иалҵит.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 10 378-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит  8 130-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 151-ҩык.