Иенс Столтенберг  - Соледари Баҳмути рзықәҧара лабҿаба аанарҧшуеит Украиназы арратә цхыраара арҕәҕәара аҵакы ду шамоу
Иенс Столтенберг  - Соледари Баҳмути рзықәҧара лабҿаба аанарҧшуеит Украиназы арратә цхыраара арҕәҕәара аҵакы ду шамоу

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала,  Соледари Баҳмути рзықәҧара лабҿаба аанарҧшуеит Украиназы арратә цхыраара арҕәҕәара аҵакы ду шамоу. Столтенберг ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

„Евроеидгылеи НАТОи рпартниорра зеиҧшҟамлац аҵакы ду амоуп, избанзар Урыстәыла ала имҩаҧгаз гәымбылџьбаратәи ажәылара  шьаҭанкыла ҳшәарҭадара аҧсахит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Баҳмути Соледарии ақәҧара ҕәҕәа мҩаҧысуеит. Украинаа  агәымшәарала рыҧсадгьыл рыхьчоит.  Соледари Баҳмути рзықәҧара лабҿаба аанарҧшуеит Украиназы арратә цхыраара арҕәҕәара аҵакы ду шамоу. Убри аҟынтә, Америкеи, Франциеи, Германтәылеи Украина арратә цхыраара аҭара иазкны аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ирыдыркылаз аӡбареи НАТО алахәылацәеи Евроеидгыла аҳәынҭқаррақәеи иҟарҵо ацхырареи  сазыразуп.  Аибашьра ахадаратә етап иҭагылоуп, ҳара иаҳа ирласны аӡбарақәа ҳадаҳкылароуп“, – иҳәеит Иенс Столтенберг.