Иенс Столтенберг - Финлиандиеи Швециеи Нато алаларазы аҳәара ахьыҟарҵаз сеигәырӷьоит, адгылаҩцәа зегьы ргәы шаанаго ала, Нато арҭбаара аҵак ду амоуп
Иенс Столтенберг - Финлиандиеи Швециеи Нато алаларазы аҳәара ахьыҟарҵаз сеигәырӷьоит, адгылаҩцәа зегьы ргәы шаанаго ала, Нато арҭбаара аҵак ду амоуп

Нато иҟоу Швециеи Финлиандиеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Нато алаларазы арзаҳалқәа Иенс Столтенберг ирҭеит.

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟаиҵаз аҳәамҭала, Финлиандиеи Швециеи Нато алаларазы аҳәара аҟаҵара даргәырӷьоит.

„Ари акритикатә момент аҿы ари ахҭыс ҳшәарҭадаразы аҵак ду амоуп. ФИнлиандиеи Швециеи Нато алалара аӡбара ахьрыдыркылаз иҭабуп ҳәа расҳоит. Финлиандиеи Швециеи Нато алаларазы аҳәара ахьыҟарҵаз сеигәырӷьоит, адгылаҩцәа зегьы ргәы шаанаго ала, Нато арҭбаара аҵак ду амоуп. Иахьа иҟашәҵаз аҳәамҭа аҭоурыхтә шьаҿоуп”, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.