Иенс Столтенберг – Аибашьрақәа реиҳара ҳара ҳгәы ишаанаго еиҧш акәымкәа, иаҳа акыраамҭа инагӡоит, ҳара ҳазынтәгьы излауа ала ирласны аҭынчра ҟалар ҳҭахуп, аха, украинаа аибашьра иаҟәыҵыр, ртәылагьы аҟазаара иаҟәыҵуеит

НАТО  амаӡаныҟәгаҩ хада Иенса Столтенберг иҳәамҭала,  Украина аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахар ҟалап.

Иара ишиҳәаз ала, Украина, хымҧада НАТО иалалоит.

«Аибашьрақәа реиҳара ҳара ҳгәы ишаанаго еиҧш акәымкәа, иаҳа акыраамҭа инагӡоит, ҳара ҳазынтәгьы излауа ала ирласны аҭынчра ҟалар ҳҭахуп, аха, украинаа аибашьра иаҟәыҵыр, ртәылагьы аҟазаара иаҟәыҵуеит. Ахада Путин абџьар шьҭеиҵар, ҳара аҭынчра ҳамазаауеит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.