Иахьа Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Астана еиҧылоит
Иахьа Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Астана еиҧылоит

Иахьа Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Астана еиҧылоит. Владимир Путини Реџьеп Таип Ердоҕани Казахстан иаҭаауеит Азиа арегионаҿ аусеицуреи агәреибагареи иазку аилатәара (СВМДА) аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АИХ адыррақәа рыла,  излацәажәараны иҟоу азҵаарақәа иреиуп Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы.

Уажәааны Ҭырқәтәыла-Евроеидгыла апарламентбжьаратә комитет ахаҭарнак Исмаил Емрах  Караиель ишааицҳаз ала, Ҭырқәтәыла,   Москвеи Франциеи, Германтәылеи Британиа Дуи реиҿцәажәарақәа реиҿкааразы аус ауеит.