Гиули Аласаниа – Сара ари анҵамҭа сазымӡырҩит, сазыӡырҩыргьы сҭахым
Гиули Аласаниа – Сара ари анҵамҭа сазымӡырҩит, сазыӡырҩыргьы сҭахым

 

«Сара ари анҵамҭа сазымӡырҩит, сазыӡырҩыргьы сҭахым», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иан Гиули Алааниа иаха аларҵәара зауз аудионҵамҭа иадҳәаланы актәи аканал аинтервиу аналҭоз.

«Уи ҵакыдароуп. Ари иабантәааргеи, изакәытә нҵамҭоузеи, агаӡароуп ирҳәо. Сара ари анҵамҭа сазымӡырҩит, уи аха сымам. Сызҿу зегьы ирдыруеит. Уажәы анҵамҭа ҿыц рхәыцит», — илҳәеит  Гиули Аласаниа.

Ателееилахәыра  «Русҭави 2» иаланарҵәаз аудионҵамҭа  шиашоу макьана ишьақәырҕәҕәам. Анҵамҭаҿы  Гиули Аласаниа  аоппозициаа  «апаразитцәа» ҳәа рзылҳәеит. Иара убас, анҵамҭаҿы  Аласаниа Михаил Саакашвили Қырҭтәылаҟа ихынҳәра апроцессаҿ аурыс фактор далацәажәоит. Ателееилахәыра адыррала, анҵамҭа ҟаҵан Саакашвили Қырҭтәылаҟа дхынҳәаанӡа, Гиули Аласаниа илацәажәоз ахаҿы макьана деилкаам.