Гиули Аласаниа – Ҳара Страсбург аҟынтә ҳаззыҧшыз ақәҵара ҳмоуит
Гиули Аласаниа – Ҳара Страсбург аҟынтә ҳаззыҧшыз ақәҵара ҳмоуит

«Ҳара Страсбург аҟынтә ҳаззыҧшыз ақәҵара ҳмоуит», — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада иан Гиули Аласаниа иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Аласаниа лҳәамҭала, адукатцәеи Саакашвили иҭаацәара алахәылацәеи ашшыҧхьыӡ ахәаҧшра аҩбатәи астадиашҟа ииасуеит.

«Михаил Саакашвили  дызҭаку издырӡом, аиаша уҳәозар, иара итәыла Путин иахьиимҭаз азыҳәан дҭакуп, абри ауп ацәгьаурас иҟаиҵаз. Ҳара агәрагара ҳцәымӡит, знымзар-зны аиашара аиааира агап  ҳәа ҳгәыҕуеит. Ҳара Страсбург аҟынтә ҳаззыҧшыз ақәҵара ҳмоуит», — илҳәеит Гиули Аласаниа.

Иахьа ишеилкаахаз ала, Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап ицәыркит, иара убас, атәыла анапхгара ирыдрымҵеит Саакашвили атәыла аҩныҵҟа даҽа клиникак ахь диаргарц.