Гиа Вольски – Алхрақәа рҽалархәразы мап зкуа ауаа 2 хықәкык рымоуп - атәылаҿы аилаҩынтәреи аполитикатә ҭагылазаашьа арцәгьареи
«Арадикалтә оппозициа имҩаҧырго апропаганда ҳуааҧсыра реиҳара ирыдкьыслеит – аоппозициаа алхрақәа рҽалархәра рыхәҭоума, мамзаргьы, апарламенттә алхрақәа ҧаршеизшәа, ма адәныҟаполитикатә хырхарҭа ҳаҧсахызшәа ҿыҵгас иҟаҵаны, алхрақәа рҽалархәразы мапкра рыхәҭоу. Ари азҵаара аҵакы цқьа еилкаатәуп», – иҳәеит апарламент актәи авице-спикер Га Вольски.
Вольски иажәақәа рыла, алхрақәа рҽалархәразы мап зкуа ауаа 2 хықәкык рымоуп – атәылаҿы аилаҩынтәреи аполитикатә ҭагылазаашьа арцәгьареи.
«Аилаҩынтәра аекономикатә процессқәа ирҧырхагахоит. Дара абри ауп хықәкы ирымоу. Ҳәарада, алхрақәа ҧаршеимызт, атәла адәныҟатәи ахырхарҭа иҧсахым. Урыстәылатәи аполитика амҩаҧгара иабаубарҭоу? 2012 шықәсанӡа «Иаку амилаҭтә ҵысра» атәыла ианахагылаз ҳара уи шьақәҳарҕәҕәеит. Дара иҟарҵаз зегьы асиа ианҵаны иааҳарҧшыр ҳалшоит, нас лабҿаба иубарҭахоит Қырҭтәыла анапхгара рахь ирымоу апретензиақәа шиашам, иҟарҵо зегьы Қырҭтәыла аҵахара иазкуп», – иҳәеит Гиа Вольски.