G7 алидерцәа Украина аҵакырадгьыл зегьы аҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгара иаҳәоит  
 G7 алидерцәа Украина аҵакырадгьыл зегьы аҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгара иаҳәоит  

«G7 алидерцәа Украина аҵакырадгьыл зегьы аҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгара иаҳәоит», — иануп  G7 иалоу аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала,  G7 алидерцәа Урыстәылантә иаҳәоит жәларбжьаратәи азхаҵара змоу Украина аҵакырадгьыл аҟынтә зыҧшра ҟамҵакәа ахатә арбџьармчқәа алыргарц.

G7 алидерцәа рҳәамҭала, урыстәылатәи арбџьармчқәеи атехникеи Украина иалыргаанӡа аҭынчра зышьақәгылом.

G7 аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа рҳәамҭала, дара Украина ацхраара  нарыгӡоит.