Гьаргь Гахариа  -  Михаил Саакашвили иус ӡбоуп, иара атәылашҟа дааир дҭаркуеит, аха,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьауҕа иқәырхыр ма амнистиа изырур ауеит
Гьаргь Гахариа  -  Михаил Саакашвили иус ӡбоуп, иара атәылашҟа дааир дҭаркуеит, аха,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьауҕа иқәырхыр ма амнистиа изырур ауеит

Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алидер Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Қырҭтәылаҟа дааир, иара Ника Мелиеи Гьаргь Руруеи реиҧшҵәҟьа, амнистиа изырур ауеит.

«Миша  Қырҭтәылаҟа дааир, анапхгаратә гәыҧ дрыцхраауеит, насгьы –  иара иус ӡбоуп, дҭаркроуп.  Аха, сара ибзиаҵәҟьаны еилыскаауеит Ника Мелиеи Гьаргь Руруеи реиҧшҵәҟьа, иаргьы амнистиа изырур шрылшо, сара уи сарччоит, избанзар иахьазы ҳтәылаҿы иҟауҵалак ҟалоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.