Гьаргь Гахариа аҳәамҭа алаирҵәеит
Гьаргь Гахариа аҳәамҭа алаирҵәеит

 

Апартии «Қырҭтәыла адгыларазы» алидер Гьаргь Гахариа аҳәамҭа алаирҵәеит.

«Иахьа жьҭаара 1 ауп, иахьа уажәраанӡа ари амш аиашареи ауаҩы иаҳаҭыри иасимволын, аха,   абарҭ апринципқәа рышьаҭала иаҧҵаз  «Агәахәтәы», ахаҭарнакцәа иахьа иҳарҳәоит ҳара иҳацым ҳареи ҳтәылеи аҕацәа роуп ҳәа.  Абри апринцип инақәыршәаны,  «Ақырҭәа гәахәтәы» зқьҩыла ламысла аус зуа аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи, аполициа аусзуҩцәеи, асалдаҭцәеи, арҵаҩцәеи, аҳақьымцәеи, анаплакҩцәеи ирарҳәоит шәыбжьы ҳашәымҭар, атәыла аҕацәас шәыҧхьаӡахоит ҳәа.  Убас ала  «Ақырҭуа гәахәтәы» шьҭахьҟа,  «Амилаҭтә ҵысра» аепохашҟа ҳдырхынҳәыр рҭахуп.  Уи зыҟалом!

Уаҵәы имҩаҧысуа алхрақәа абжьааҧнытә амуниципалтә алхрақәоуп ҳәа аӡәы иҳәар, уи мцуп, избанзар, уаҵәы аиҭакрақәа ралхрақәа мҩаҧысуеит. Қырҭтәыла адгыларазы шәнеи алхрақәа рахь!», — иануп Гьаргь Гахариа иҳәамҭаҿы.