Гьаргь Ботковели  – Михаил Саакашвили иргәаҟра иалахәыз ауаа рсиа еиқәҳаршәоит
Гьаргь Ботковели  – Михаил Саакашвили иргәаҟра иалахәыз ауаа рсиа еиқәҳаршәоит

 «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы  Гьарагьы  Ботковели иҳәамҭала,  Апенитенциартә маҵзура ала ицәыргаз акадрқәа Михаил Саакашвили гәымбылџьбарала изныҟәара шьақәзырҕәҕәо ашаҳаҭга хадоуп.

«Ҳара имаҷымкәа ашаҳаҭгақәа ҳамоуп, агәра ганы сыҟоуп абараҭ акадрқәагьы Михаил Саакашвили гәымбыџьбарала изныҟәара иалахәу ауаа рсиа аиқәыршәараан аҵакы хада шрымазаауа.  Ҳара апроцедурақәа зегьы мҩаҧаагоит.  Михаил Саакашвили иргәаҟра иалахәыз ауаа рсиа еиқәҳаршәоит. Иахьа урҭ рыхьӡқәа сҳәом. Асиа иалало ауааҧсыра жәларбжьаратәи ауаажәларрантә ахьырхәра рыхәҭоуп, дара ашьауҕатә ҭакҧхықәра рыдҵатәуп», — иҳәеит Гьаргь  Ботковели.