«Financial Times» -  Евроеидгыла иалоу атәылақәа Бриуссель ахь ааҧхьара ҟарҵеит ирласны аблок алалара иазкны Украина иреалым ақәыргәыҕрақәа арымҭарц
«Financial Times» -  Евроеидгыла иалоу атәылақәа Бриуссель ахь ааҧхьара ҟарҵеит ирласны аблок алалара иазкны Украина иреалым ақәыргәыҕрақәа арымҭарц

 

Евроеидгыла иалоу атәылақәа Бриуссель ахь ааҧхьара ҟарҵеит   ирласны аблок алалара иазкны Украина иреалым ақәыргәыҕрақәа арымҭарц, — ари атәы аанацҳаит  «Financial Times».

Ҳазну амчыбжь азы Украина ахада Владимир Зеленски  Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени Евроеидгыла ахеилак ахантәаҩы Шарль Мишели идикылоит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла,  иара Евроеидгылахь Украина  алалареи, иҵаау урыстәылатәи активқәа Украина аиҭашьақәыргыларазы ахархәареи, Урыстәыла атәылауаа ацәгьауразы рышьҭацалара амзызла азинтә механизмқәа рхархәареи  иазкны аҳәара ақәыргылара игәы иҭоуп.

Аҭыжьымҭа адыррала,  2026 шықәсанӡа Евроеидгыла алалара иазку Украина агәыҕрақәа иреалым, аха, Брикссель ачынҳаракҩцәақәак  ари агәаанагара иадгылоит,  Евроеидгыла аҳҭнықалақьқәа рҿы иреиҳаӡоу адипломатцәа  ари афакт даараӡа иаргәамҵуеит.

«Украина ирласны Евроеидгыла изалалом. Ариторикеи алабҿабареи еиқәымшәар ауеит,  абри аҩыза ашәарҭара иҟоуп», — иҳәеит европатәи адипломат аҭыжьымҭа аинтервиу анеиҭоз.