Европа ахеилак Қырҭтәылеи Украинеи импыҵахалоу арегионқәа рҿы Урыстәыла ала ауааҧсыра ирыҭоу атәылауаҩшәҟәқәеи амҩатә  документқәеи рызхаҵамра иазку аӡбара шьақәнарӷәӷәеит
Европа ахеилак Қырҭтәылеи Украинеи импыҵахалоу арегионқәа рҿы Урыстәыла ала ауааҧсыра ирыҭоу атәылауаҩшәҟәқәеи амҩатә документқәеи рызхаҵамра иазку аӡбара шьақәнарӷәӷәеит

Европа ахеилак Қырҭтәылеи Украинеи импыҵахалоу арегионқәа рҿы Урыстәыла ала ауааҧсыра ирыҭоу атәылауаҩшәҟәқәеи амҩатә документқәеи рызхаҵамра иазку аӡбара шьақәнарӷәӷәеит. Аинформациа Европа ахеилак аофициалтә вебдаҟьа ианылеит.

Ари аӡбара инақәыршәаны, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылеи Украинеи аҵакырадгьылқәа рҿы ауааҧсыра ирыҭоу урыстәылатәи адокументқәа  Шенгентәи азона атәылақәа рҳәаақәа рахысра ирылшом, авизақәа роуӡом.

Евроеидгылаҿ иҟарҵаз аҳәамҭала, ари аӡбара рыдыркылеитУкраина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра аурыс паспортқәа рыҭареи, 2008 шықәсазы Урыстәыла ала Қырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵареи  ирҭакны.