Евроеидгыла ахаҭарнакра Ауаҩытәыҩса изинқәа рымш инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит
Евроеидгыла ахаҭарнакра Ауаҩытәыҩса изинқәа рымш инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит

 

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Ауаҩытәыҩса изинқәа рымш инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәылагьы адунеи аҿгьы Евроеидгыла аусураҿы аҧыжәара амазаауеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рымҩаҧгареи рыхьчареи азҵаара.

«Ҳара ҭынч ҳзыҟазаауам. Акризистә ҭагылазаашьақәа  — ауаҩытәыҩса изинқәа рымҩаҧгареи адемократиатә принципқәа пату рықәҵареи азы аҧышәара ҷыдоуп. Апандемиа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы анырра цәгьа амоуп. Анырра цәгьа аҧыхреи ашәарҭарақәа реиҵатәреи азыҳәан, Евроеидгыла ақырҭуа партниорцәа аус рыцура иазыхиоуп», —  иануп аҳәамҭаҿы.

Евроеидгыла амиссиа адыррақәа рыла, Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ацхрааразы,  ҳазну амчыбжьа азы,  5 проект ҿыцк рынагӡара иалагоит.