Euronews – Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе Тирана имҩаҧысуа асаммит аҿы европатәи алидерцәа драцәажәоит, уи Евроеидгылаҟны аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра иадыргоуп
Euronews – Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе Тирана имҩаҧысуа асаммит аҿы европатәи алидерцәа драцәажәоит, уи Евроеидгылаҟны аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра иадыргоуп

Euronews  аҿы икьыҧхьуп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  Европатәи аполитикатә аидҵара  6-тәи асаммит аҿы илахәызаара иазку астатиа.  Астатиаҿы ишазгәаҭоу ала, Кобахиӡе асаммит аҿы ицәырҵра аанарҧшуеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рҿы аиҭакрақәа шыҟалаз.

Euronews адыррақәа рыла,  Иракли  Кобахиӡе  европатәи алидерцәа рҟны ишиашо адискуссиақәа мҩаҧигеит, Франциа ахада Еммануель Макронгьы диацәажәеит.

«Қырҭтәыла аҧыза-министри Франциа ахадеи реиҧылара кыраамҭа изынамгӡахеит, аха, ҧхаррала иҭәын,  ишубарҭоу ала, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа дырҽеир ҟалап».

Кобахиӡе ихаҭа ажурналистцәа данрацәажәоз, иҳәеит  европатәи апартниорцәа Қырҭтәылаҟны аимадара аиҭашьақәыргылара шырҭаху убарҭоуп ҳәа», — иануп астатиаҿы.

Euronews ишану ала, Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит иара итәыла Европазы аҵакы ду шамоу, европатәи алидерцәа зегьы Қырҭтәылаҟны аимадарақәа реиҭашьақәыргылара шахәҭоу еилыркаауеит.

«Зегьы иазхарҵароуп Қырҭтәыла Европазы астратегиатә ҵакы шамоу. Арегионаҿ ароль ду наҳагӡоит, убри азоуп Қырҭтәыла аиҳабыра рацәажәара дара рзы аҵакы ду замоу», — иҳәеит  Кобахидзе.

Иара убас, астатиа ишану ала, афотоҭыхымҭақәа рҿы Иракли Кобахиӡе Европарламент ахада Роберта Метсолои, Польша аҧыза-министр Дональд Туски, Франциа ахада Еммануель Макрони дышрацәажәо аарҧшуп.