Emaar гәыҧ ашьаҭакҩи анапхгаратә директори Моҳамед Али Рашед Алабар Иракли Кобахиӡе ауаххьаҿы дидикылеит
Emaar гәыҧ ашьаҭакҩи анапхгаратә директори Моҳамед Али Рашед Алабар Иракли Кобахиӡе ауаххьаҿы дидикылеит

Emaar гәыҧ ашьаҭакҩи анапхгаратә директори Моҳамед Али Рашед Алабар Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ауаххьаҿы дидикылеит.

Ауаххьаҿы иҟан ақырҭуа делегациа алахәылацәагьы.

Emaar гәыҧ – адевелопертә еилахәыра дуӡӡоуп, уи Қырҭтәыла иаланаҵоит  6 миллиард адоллар аинвестициа. Иракли Кобахиӡе ари аилахәыраҟны иашьашәалоу  аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит ажьырныҳәа 27 рзы.

Иракли Кобахиӡе анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа Дубаи имҩаҧысуа Адунеи аиҳабырақәа рсаммит иалахәып.

Ақырҭуа делегациа раҳаҭыр аҟынтә, Дубаи еицырдыруа аҭыҧаҷыдақәа иреиу,  – „Бурџь халифа“ Қырҭтәыла абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашан.