ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәыла аофициалтә ивизит иалагеит
ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәыла аофициалтә ивизит иалагеит

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәыла аофициалтә ивизит иалагеит. Пентагон анапхгаҩы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ  Атәылахьчара аминистр Џьуаншуер Бурҷулаӡеи Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани иԥылеит.

Иахьа Џьуаншуер Бурҷулаӡе Ллоид Остин Атәылахьчара министраҿ дидикылоит. Аԥылара аофициалтә церемониа ашьҭахь Џьуаншуер Бурҷулаӡеи Ллоид Остини ҩганкалатәи еиԥылара мҩаԥыргоит. Аиԥылара ашьҭахь еицымҩаԥырго аконференциа аҿы аганқәа аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит. Апланқәа ирылоуп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистреи ЕАШ атәылахьчара аедпартаменти  еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵара. Аиқәшаҳаҭра хықәкыс амоуп Қырҭтәыла атәылахьчара алшара арӷәӷәара.

Қырҭтәыла авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили диԥылоит.

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Қырҭтәылеи, Украинеи, Румыниеи дырҭаауеит, уи ашьҭахь Бриуссель имҩаԥысуа аминистериал ихы аиалрхәеит.