Еар аинформациа ала, жәабран 24 инаркны хәажәкыра 19-нӡа Украина аахақәа роуит 2361-ҩык аҭынч тәылауаа, урҭ рҟынтә 902-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Еар аинформациа ала, жәабран 24 инаркны хәажәкыра 19-нӡа Украина аахақәа роуит 2361-ҩык аҭынч тәылауаа, урҭ рҟынтә 902-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит

Еар аинформациа ала, жәабран 24 инаркны хәажәкыра 19-нӡа Украина аахақәа роуит 2361-ҩык аҭынч тәылауаа, урҭ рҟынтә 902-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 1459-ҩык ахәрақәа роуит. Ари атәы аанацҳаит ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар иофис.

“Зынӡа иҭахеит 902-ҩык. Аԥсыҭбарақәа реиҳара идуу аҵакыраҿ аԥжәарақәа – артиллериатәи аракетатәи аахақәа ирыхҟьаны ҭахеит,” – иануп ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рзы иреиҳаӡоу акомиссар иофис аинформациа аҿы.