Дональди Меланиеи Трампаа Аҩны шкәакәа  аанрыжьит

 

Америка 45-тәи ахада Дональд  Трампи актәи аледи Меланиа Трампи Аҩны шкәакәа аанрыжьит.

Трампаа Мериленд иҟоу арратә базашҟа идәықәлеит, уаҟа аиҧырҵра ацеремониа мҩаҧысуеит. Убри анеҩс, ҧасатәи ахада Дональд Трампи иҧҳәыси Флоридаҟа идәықәлоит.

Дональд Трамп —  Америка раҧхьатәи ахада иоуп   150 шықәсатәи атрадициа еилазгаз,  уи Америка ахада ҿыц Џьо Баиден иинаугурациа ашҟа днеиуам.