Дональд Трамп - Америкаҿ игәырԥшаагоу аҵх ааит
Дональд Трамп - Америкаҿ игәырԥшаагоу аҵх ааит

Америкаҿ абжьыҭара апроцесс анхыркәшаха, ЕАШ ԥасатәи ахада Дональд Трамп адгылаҩцәа рахь ахазырхара ҟаиҵеит.

Трамп иажәақәа рыла, Америкаҿ игәырԥшаагоу аҵх ааит.

Дональд Трамп ишааицҳаз, аихқәа ирҭахуп ареспубликатәи партиа иаҵахарц, аха ари ҟалашьа амам. Ԥасатәи ахада иажәақәа рыла, ареспубликатәи партиа ахаҭарнакцәа аԥхьагылара ду рымоуп.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, абҵара 15 рзы ЕАШ ахада аҵак ду змоу аҳәамҭа ҟаиҵоит.

ЕАШ абжьыҭира апроцесс ихыркәшоуп. Иалагеит абжьқәа рыԥхьаӡара апроцесс.

Заанаҵтәи аинформациала, Асенат аҿы ареспубликатәи партиа ахаҭарнакцәа 45 ҭыԥ роуит, адемократцәа – 43. Ахаҭарнакратә палатаҿ ареспубликатәи партиа ахаҭарнакцәа 168 ҭыԥ, адемократцәа – 104.