Дмитри Песков – Хара имгакәа  Владимир Путини Реџьеп Таип Ердоҕани еиҧылар ҟалап
Дмитри Песков – Хара имгакәа  Владимир Путини Реџьеп Таип Ердоҕани еиҧылар ҟалап

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитрий Песков иҳәамҭала, хара имгакәа Урыстәыла ахада  Владимира Путини Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕани еиҧылар ҟалап.

Иара ишиҳәаз ала, Путини Ердоҕани лассы-лассы еиҿцәажәоит.

Иахьа Стампыл даҭаауеит Украина ахада  Владимир Зеленски, иареи Ҭырқәтәыла ахадеи, раҧхьатәи ишиашо аиҧылара мҩаҧыргоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа урыстәыла-украинатәи еибашьра иалацәажәоит.