Дмитри Песков иҳамҭала, ианаҭаххо Владимир Путин Донбасс даҭаауеит
Ианаҭаххо Владимир Путин Донбасс даҭаауеит, иҳәеит Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ
Дмитри Песков.
«Ианаамҭалак уигьы ҟалоит, ҳәарада, уи урыстәылатәи регионуп», — иҳәеит Песков.
Урыстәыла ахада ипресс-мӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, амобилизациа ҿыц иазку аинформациа иҟам, избанзар Путин ишааицҳаз ала, амобилизациа хыркәшоуп.